Ауаҩытәыҩсатә хаҿқәа ршәахтәқәҵаратә усбарҭа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аппарат Хада
ахатә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы аусбарҭа

Ахатә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы аусбарҭа аиҳабы

Ашәахтә маҵзура абжьгаҩ 3 акласс змоу


Қәычбериа Иракли Анзор-иԥа

т. 8 (840) 226-75-31


Ахатә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы Аусбарҭа Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра аппарат Хада иаҵанакуа структуратә еиҿкаамҭоуп, ақ. Аҟәеи араионтә инспекциақәеи зҵазкуа ахатә хаҿрақәа ршәахтәықәҵараҿы.

Ари аусбарҭа ауснагӡараан изықәныҟәо акәны иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтә закәанҧҵареи, аҳәынҭқарра амчра зныҧшуа егьырҭ анорматив-зинтә актқәеи, ашәахтәқәареи, афинансттә-нхамҩеи, аусҧҟақәеи, аинструкциақәеи адҵаҧҟақәеи рызҵаарақәа ирыдҳәалоу.

Аусбарҭа уснагӡатә хаданы иадуп аусдкылара знапы алаку, ахатә-усдкылаҩцәа ахатә хаҿрақәа ршәахтәқәеи реизгақәеи ирыҵанакуа азакәанҧҵара анагӡашьа хылаҧшра аҭара. Аҧсны Аҳәынҭқарра ААР аинспекциақәа рыҟәшақәа рҿы ахатә хаҿрақәа ршәахтәқәҵара аусра шьақәдыргылоит, аусдкылаҩцәа ахатә хаҿрақәа ршәахтәқәҵара иадҳәалоу азакәанҧҵара анагӡашьа ахылаҧшра анаҭоит ахатәы компетенциа аҽҭагӡаны. Аҧсны Аҳәынҭқарра ААР ашәахтәқәеи аизгақәеи ирызку азакәанҧҵара анагӡашьа аилкааразы акомплексттә гәаҭарақәа рымҩаҧгара ахы аланархәуеит, аинспекциақәа ахатә хаҿрақәа ршәахтәқәҵара аҟәшақәа рҭагылазаашьа системала иахылаҧшуеит. Ашәахтә закәанҧҵареи ашәахтә политикеи реиқәыршәареи реиҿкаареи рымҩаҧгареи рҿы ахы аланархәуеит, ишьақәыргылоу, аус зуа аусҧҵәа аҭагылазаашьақәа инарықәыршәаны. Алкаақәҵеи астатистикатә лкаақәеи анализ рызнауеит, иара убас, аҭыҧантәи агәаҭарақәа анализ рызнауеит, урҭ шьаҭас иҟаҵаны алагалақәеи арҽеирақәеи еиқәнаршәоит ашәахтқәеи аизгақәеи ирызку Азакәанҧҵара адгаларазы.