Аҭҵаареи аҳасабырбареи русбарҭа

  Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра  аппарат хада анализи алкааҧҵәеи рзы аусбарҭа 



Анализи алкааҧҵәеи рзы аусбарҭа аиҳабы

Ашәахтә маҵзура абжьгаҩ 3 акласс змоу



Кобахия Эльвира Вячеславовна.jpg

Кобахьиа Ельвира Виачеслав-иҧҳа

т. 8 (840) 226-97-58

 


 Анализи алкааҧҵәеи рзы Аусбарҭа Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аппарат Хада иатәу структуратә хырхарҭоуп.

     Ари аусбарҭа ауснагӡараан изықәныҟәо акәны иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтә закәанҧҵареи, аҳәынҭқарра амчра зныҧшуа егьырҭ анорматив-зинтә актқәеи, ашәахтәқәареи, афинансттә-нхамҩеи, аусҧҟақәеи, аинструкциақәеи адҵаҧҟақәеи рызҵаарақәа ирыдҳәалоу.

        Анализи алкааҧҵәеи Русбарҭа ахықәкынагӡатә хадақәа иреиуоуп:

        – ашәахтәқәеи егьырҭ аизгақәеи рыхәҧсанаӡара ашьақәыргыларазы алкааҧҵәа ақәнаҟәара аус аиҿкаара, ашәаразы ишьақәыргылоу, мамзаргьы абиуџьеҭ ахь ишәахьоу, иара убас афинанстә санкциақәеи административтә хәдақәҵарақәеи;

        – ААР аинспекциақәа ақ. Аҟәеи егьырҭ араионқәеи рҿы имҩаҧырго акомплекстә гәаҭарақәа ахы рылархәра, ААР ақ. Аҟәеи егьырҭ араионқәеи рҿы анализи алкааҧҵәеи рзы рыҟәшақәа русушьа асистематә хылаҧшра рыҭара;

        – Аҧсны Аҳәынҭқарра ААР ақ. Аҟәеи, егьырҭ араионқәеи рҿы ашәахтә инспекциақәа ркомплекстә гәаҭарақәа раан аналитикатә усмҩаҧгатәқәа реиҿкаара, ахәҧсашәаратә дисциплина анализ азура, алкааҧҵәеи анализи рышәҟәқәа реидкылара;

       – алкааҧҵәақәеи ииашаны реиқәыршәашьеи, иахьынӡаҵабыргуи ахылаҧшра аҭара, ААР ақ. Аҟәа, егьырҭ араионтә аинспекциақәагьы ирыдыргало ақьаадқәа рҟнытә;

      – Аҧсны Аҳәынҭқарра ААР анапхгара рзы алкааҧҵәақәеи егьырҭ ақьаадқәеи анализ рзура, алкааҧҵәа аҟаҵара;

     – Аҧсны Аҳәынҭқарра ААР анапхгара рзы иҧшаам ашәахтәқәеи егьырҭ аизгақәеи алкааҧҵәақәа реиқәыршәара;

     – ашәахтә хәҧсарақәа ралагалашьа адекадатә еизгара рнырҧшра;

     – азаанаҭдырреи азаанаҭеиҭасреи рыла аҟәшақәа русзуҩцәа ирызку аусмҩаҧгатәқәа реиҿкаара, рымҩаҧгара анализи алкааҧҵәақәеи рыҟәшақәа русзуҩцәа аҧхьа инаргыланы;

     – аҳазалхратә декларациақәа рхархәарала аекспорт-импорттә операциақәа аус рыдулара, алкааҧҵәа рзура.