Аиуристтә хаҿқәа ршәахтәқәҵаратә усбарҭа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аппарат Хада
азинтә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы аусбарҭа


Азинтә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы Аусбарҭа аиҳабы
Ашәахтә маҵзура абжьгаҩ 1 акласс змоу

юр.JPG

Саманба Артур Гарик-иҧа

аҭ. 8 (840) 226-17-37 

   Азинтә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы аусбарҭа ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аппарат Хада аструктура иаҵанакуа еиҿкаароуп, уи иалоуп азинтә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы аҟәшақәеи аинспекциақәеи араионқәа рҿи, ақ. Аҟәеи.

     Ари аусбарҭа ауснагӡараан изықәныҟәо акәны иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтә закәанҧҵареи, аҳәынҭқарра амчра зныҧшуа егьырҭ анорматив-зинтә актқәеи, ашәахтәқәареи, афинансттә-нхамҩеи, аусҧҟақәеи, аинструкциақәеи адҵаҧҟақәеи рызҵаарақәа ирыдҳәалоу.

     Азинтә хаҿрақәа ршәахтәқәаҵара ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп анаҩстәи азааҭгылақәа:

   – Ашәахтәқәеи аизгақәеи ирызку азакәанҧҵара аусушьа ахылаҧшра аҭара, аминситррақәеи, еиуеиҧшым аиҿкаарақәеи аусбарҭақәеи, аҳәынҭқарратә компаниақәеи рыбжьара;

  – Азинтә хаҿрақәа ршәахтәқәҵара иаҵанакуа аҟәшақәа русура еиҿнакаауеит, имҩаҧнагоит Аҧсны Аҳәынҭқарра ААРА ақ. Аҟәеи, араионқәа ирыҵанакуақәа рҿи, ахатәратә форма шьаҭас измоу еиуеиҧшым аиҿкаарақәеи ааглыхратә усбарҭақәеи рыбжьара ашәахтәқәеи аизгақәеи ирызку азакәанҧҵара аусушьа хылаҧшра аҭауа;

  – ААР Аинспекциа имҩаҧнаго акомплекстә гәаҭарақәа ралыршара ахы аланархәуеит, иара убасгьы хылаҧшра анаҭоит азинтә хаҿрақәа ршәахтәқәҵара иазку аҟәшақәа русушьа Аҧсны Аҳәынҭқарра ААР Аинспекциа;

  – Аусбарҭа ашәахтә гәаҭарақәа рграфики аусуратә плани шьақәнаргылоит, ААР аинспекциақәа рыҟәшақәа аусуратә плани агәаҭарақәа рграфики иахьынӡарықәшәаны русура хылаҧшра азнауеит;

  – Алкаақәҵеи астатистикатә лкаақәеи анализ рызнауеит, иара убас, аҭыҧантәи агәаҭарақәа анилизи рызнауеит, урҭ шьаҭас иҟаҵаны алагалақәеи арҽеирақәеи еиқәнаршәоит ашәахтқәеи аизгақәеи ирызку Азакәанҧҵара адгаларазы;

   – Ашәахтә закәанҧҵареи ашәахтә политикеи реиқәыршәареи реиҿкаареи рымҩаҧгареи рҿы ахы аланархәуеит, ишьақәыргылоу, аус зуа аусҧҵәа аҭагылазаашьақәа инарықәыршәаны;

   – Ашәахтәҧхьаӡара аформақәа разыҧшаара аус аҽаланархәуеит, аҽаланархәуеит алкааҧҵәаҟаҵараҿы, адекларациеи егьырҭ ашәҟәқәеи реиқәыршәараҿы, ашәахтәқәеи егьырҭ аизгақәеи рыҧшаареи абиуџьеҭ рахыҧхьаӡалареи рҿы, иара убасгьы, ААР аинспекциақәа русура алкааҧҵәаҟаҵара аформақәа рҿы;

   – Асистематә ҟазшьа аҭаны абиуџьеҭ аашәахтә лагалатә уснагӡара ахылаҧшра анаҭоит, ахатә компетенциа аҽҭагӡаны абиуџьеҭ апроект аус адулараҿы  ахы аланархәуеит;

   – Азинхьчаратә ахылаҧшратә усбарҭақәа рпланшьақәыргыларатә руснагӡаратә усмҩаҧгатәқәа ахы рыланархәуеит, ашәахтәқәеи аизгақәеи ирызку азакәанҧҵара арыҕәҕәареи уи ахылаҧшреи аус аҿы;

   – Азаанаҭдырра азыҟаҵареи, азаанаҭеиҭасреи азҵаарақәа рҿы акадрқәа аус рыднаулоит.